Каха Калаӡе  - Аиаша шәасҳәап, сара аӡәы ибаандаҩтәра ма иҭакра сеигәырҕьом, аха, Саакашвили ирежим аангьы аконкреттә ҭаацәарақәа изықәшәаз арыцҳара сеигәырҕьомызт
Каха Калаӡе  - Аиаша шәасҳәап, сара аӡәы ибаандаҩтәра ма иҭакра сеигәырҕьом, аха, Саакашвили ирежим аангьы аконкреттә ҭаацәарақәа изықәшәаз арыцҳара сеигәырҕьомызт

Карҭ ахада иҭыҧ азы акандидат Каха Калаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили абахҭаҿ аҟазаара ихәҭоуп, избанзар иара аконкреттә ацәгьаурақәа ҟаиҵеит. Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Саакашвили иҭакра иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

«Михаил Саакашвили аконкреттә ацәгьаурақәа ҟаиҵеит.  Абри атәыла атәылауаҩ иаҳасабала, сара дарбанзаалак аӡәы ибаандаҩтәра ма иҭакра сеигәырҕьом, аха, Саакашвили ирежим аангьы аконкреттә ҭаацәарақәа изықәшәаз арыцҳара сеигәырҕьомызт. Сара аҿар рышьра сеигәырҕьомызт, лаҵара  26 рзы ауаа рҭахара сеигәырҕьомызт. Ҳәарада, абри зегьы даарӡа ихьанҭан», — иҳәеит Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, Михаил Саакашвили абахҭа дҭыҵуеит иқәырҵаз азыӡба анихигалак ашьҭахь.

«Саакашвили абахҭаҿ аҟазаара ихәҭоуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы   — «Миша ихы дақәиҭзароуп!» ҳәа алозунгқәа ҳаҳауеит. Миша хымҧада ихы дақәиҭзаауеит, аха, иқәырҵаз азыӡба анихигалак ашьҭахь», — иҳәеит Калаӡе.