Каха Калаӡе  - Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит рҽырҭынчырц, амчылара ҟамлароуп
Каха Калаӡе  - Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит рҽырҭынчырц, амчылара ҟамлароуп

Аҳҭнықалақь ахада  Каха Калаӡе Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы аганқәа зегьы ирыбжьеигеит рҽырҭынчырц.

Асоциалтә аҳаҿы Калаӡе ишиҩыз ала, адунеи аҿы, аибашьра ахьыҟоу аҭыҧқәа рҿгьы ажурналистцәа кьыс рымам.

«Аҩызцәа, ҳтәылауаа,  сшәыҳәоит шәҽынҭынч. Амчылара ҟамлароуп. Ахбыџқәеи, аҳәсеи, атуристцәагьы рықәлара афактқәа аарҧшуп.  Қырҭтәыла аҕацәагьы иҳахәаҧшуеит. Ажурналистцәа шәреиҷаҳала. Адунеи аҿы, аибашьра ахьыҟоу аҭыҧқәа рҿгьы ажурналистцәа кьыс рымам. Ажурналистцәа рзы агрессиа  — ҳуаажәларразы иҧхашьагоуп. Аус руратәы алшара рышәҭ», — иҩит Каха Калаӡе.