Каха Калаӡе  -  2024 шықәса инаркны аҳҭнықалақь ахадара агәыҧҳәы акьыба ахәышәтәра апрограмма ахархәаҩцәа зегьы  100%-тәи афинансыркра рзоурыжьҭуеит
Каха Калаӡе  -  2024 шықәса инаркны аҳҭнықалақь ахадара агәыҧҳәы акьыба ахәышәтәра апрограмма ахархәаҩцәа зегьы  100%-тәи афинансыркра рзоурыжьҭуеит

«2024 шықәса инаркны аҳҭнықалақь ахадара агәыҧҳәы акьыба ахәышәтәра апрограмма ахархәаҩцәа зегьы  100%-тәи афинансыркра рзоурыжьҭуеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалтә аиҳабыра иахьатәи аилатәараҿы.

«Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны,  апрограмма алахәылацәеи,   иара убас,  социалла ихьчам ауааҧсыра ргәыҧ иаҵанакуа апациентцәеи  зыхә дуу ахәшәқәа зегьы  рзы  100% афинансыркра роуеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҧсахрақәа рыдыркылаанӡа,  апрограмма ахархәаҩцәа ирзоурышьҭуан  80%,  зны-зынла –  50% Ари аӡбара апациентцәеи рҭаацәарақәеи рҭагылазаашьа еиҕьнатәуеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

 Калаӡе ишазгәеиҭаз ала,  агәыҧҳәы акьыба алагамҭатә стадиазы Қарҭ ахадара шықәсыкала пациентк изоунашьҭуеит  21 600 лари еиҵамкәа,   61 150 лари еиҳамкәа,  аметастатикатә форма аан 40 500 лари еиҵамкәа,   65 340 лари еиҳамкәа.