Карели араионаҿ  иҟалаз амҩатә амашәыр аан иҭахеит  Апатрультә полициа ҩыџьа аусзуҩцәа
Карели араионаҿ  иҟалаз амҩатә амашәыр аан иҭахеит  Апатрультә полициа ҩыџьа аусзуҩцәа

Карели араионаҿ  иҟалаз амҩатә амашәыр аан иҭахеит  Апатрультә полициа ҩыџьа аусзуҩцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррала, аҩыжәны амашьына аҧсҟы зкыз, ҧаса зус рыӡбахьоу   Г.Л.,  аласра ду ала дышнеиуаз, Карели араионаҿ, амҩа аҿықәаҿ игылаз апатрультә полициа амашьына даахеит. Карели апатрультә полициа ҩыџьа аусзуҩцәа Омари Ванои Басаниӡеаа аҭыҧаҿыҵәҟьа иҧсит.

«Азинхьчаҩцәа Г.Л. дааныркылеит. Аусеилыргара мҩаҧысуеит аҩыжәны амашьына арныҟәцараан  ҩыџьа ауааҧсыра рыҧсра зхылҵыз амҩатә шәарҭадара аҧҟарақәа реилыргаразы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра агәалсра ду аанарҧшуеит Карели араионаҿ  Апатрультә полициа ҩыџьа аусзуҩцәа рҭахара иадҳәаланы», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.