Џьо Баиден Зеленски иахь  - Шәара ахаангьы шәымацара шәаанхом
Џьо Баиден Зеленски иахь  - Шәара ахаангьы шәымацара шәаанхом

«Шәара ахаангьы шәымацара шәаанхом», — иҳәеит Америка ахада  Џьо Баиден  Украина ахада иахь ихы рханы Аҩны шкәакәа имҩаҧгаз апресс-конфренциаҿы.

Баиден ишиҳәаз ала, америкауааи егьырҭ атәылақәеи ишиашо ахада Зеленски изыӡырҩроуп, Украина ақәҧара шымҩаҧысуа рдыруазароуп.

«Иахьа сара Украина иазоушьҭу атранш ҿыц салацәажәар сҭахуп.  Апакет инақәыршәаны, Украина аиуеит 1,85 миллиард доллар рыхә еиуеиҧшым абџьар.  Иара убас, раҧхьаӡа акәны, Украина аиуеит аҳаирхыхьчаратә система  Patriot», — иҳәеит  Баиден.

Баиден иажәақәа рыла, Урыстәыла  «аӡынра ахы анахәоит абџьар ҳасабала».