Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспублика Олии Маџьлис сенат ахантәаҩы Танзила Нарбаева дылҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспублика Олии Маџьлис сенат ахантәаҩы Танзила Нарбаева дылҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспублика Олии Маџьлис Сенат ахантәаҩы Танзила Нарбаева дылҧылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун Қырҭтәылеи Узбекистани рыбжьара акыршықәсатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҿиара аперспективақәеи.  

Аҧыза-министр ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа дырзааҭгылан, аиҳабырабжьаратәи апарламентбжьаратәи усеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа дрылацәажәеит.  

Аҧыза-министр апарламенттә алхрақәа рҿы „Ақырҭуа гәахәтәы” аиааира идылныҳәалеит Олии Маџьлис Сенат ахантәаҩы.  Аиҧылара ашьҭахь, аҧыза-министр Олии Маџьлис Сенат асас дахьқәа рышәҟәы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит.