Иракли  Кобахиӡе  - Украина аибашьра иалагеижьҭеи хышықәса ҵит, аиҩызаратә тәылаҿы хара имгакәа аҭынчра шьақәыргылахап ҳәа сгәыҕуеит
Иракли  Кобахиӡе  - Украина аибашьра иалагеижьҭеи хышықәса ҵит, аиҩызаратә тәылаҿы хара имгакәа аҭынчра шьақәыргылахап ҳәа сгәыҕуеит

«Иахьа хышықәса ҵит Украина аибашьра иалагеижьҭеи. Аиҩызаратә тәыла – Украина аҭоурыхаҿ уи атрагедиатә рыцхуп», – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли  Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, хара имгакәа Украина аҭынчра шьақәыргылахап ҳәа дгәыҕуеит.

«Ари аибашьра Украинеи украинааи арыцҳара ду иҭанаргылеит. Ауаа рацәа ҭахеит. Жәа-миллионҩык раҟара украинаа ахҵәараҿы иҟоуп. Иахьазы Украина аҵакырадгьыл  20% Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аинфраструктуреи, аекономикеи, аенергетикатә сектори  ирбгоуп. Украина адәныҟатәи ауал атәыла аекономика аҟынтә  100% иаҟароуп. Сынтәа ари арбага  96% иаҟароуп, ашықәс анҵәамҭанӡа  100% еиҳахоит.

Аиҩызаратә тәылеи ажәлари аҭынчра рзеиҕьаҳшьоит. Украина аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс излауа ала ирласны, қәҿиарала ихыркәшазароуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп хара имгакәа аиҩызаратә әтылаҿы аҭынчра шьақәыргылахап ҳәа сышгәыҕуа», –  иҳәеит аҧыза-министр.