Иракли Кобахиӡе – Уажәазы ауаа ревакуациа азҵаара актуалтә ҵакы амам, аха ауаа аҭыҧаҿ ҳрыцхраарц азыҳәан ақыҭақәа зегьы рахь ҳнеироуп
Иракли Кобахиӡе – Уажәазы ауаа ревакуациа азҵаара актуалтә ҵакы амам, аха ауаа аҭыҧаҿ ҳрыцхраарц азыҳәан ақыҭақәа зегьы рахь ҳнеироуп

Уажәазы ауаа ревакуациа азҵаара актуалтә ҵакы амам, аха ауаа аҭыҧаҿ ҳрыцхраарц азыҳәан ақыҭақәа зегьы рахь ҳнеироуп, уажәазы уи ауп ҳасабтәс иҳамоу, –  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шрома ақыҭан ажурналистцәа данрацәажоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ақыҭақәа рҿы амҩақәа рыцқьатәуп, ари ахырхарҭала активла аус руеит.

„Ақыҭақәа зегьы рҿы амҩақәа рыцқьатәуп, ари ахырхарҭала активла аус аауеит. Ҽнакала амҩақәа ррыцқьара ахьҳалымшо  қыҭақәак иҟоуп, аха, аиқәырхаҩцәеи атәылахьчаратә мчқәа ахаҭарнакцәеи арҭ ақыҭақәа рахь альтернативтә хархәагақәа рыла инеины, ауаа ирыцхраауеит. Уажәазы аевакуациа азҵаара усҟак иактуалым, аха, аҭыҧаҿы ауаа ҳрыцхраарц азыҳәан ақыҭақәа зегьы рахь ҳнеироуп, уажәазы  абри ауп ҳасабтәс иҳамоу“, – иҳәеит аҧыза-министр.