Иракли Кобахиӡе - Швеицариатәи аилахәыра ҳацырхрааны, аҭҵаарақәа рымҩаҧгара ҳалагеит, атәыла зехьынџьара анаҟәоуқәеи, аеррозиатә процессқәеи ҭаҳҵаауеит, уи абзоурала, иашьашәалоу ашәарҭақәа рпревенциа ҳалшоит

Швеицариатәи аилахәыра ҳацырхрааны, аҭҵаарақәа рымҩаҧгара ҳалагеит. Атәыла зехьынџьара анаҟәоуқәеи, аеррозиатә процессқәеи ҭаҳҵаауеит, уи абзоурала, иашьашәалоу ашәарҭақәа рпревенциа ҳалшоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шови даныҟаз, уаҟа иара аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Иара ишиҳәаз ала,  наҟ-наҟ абри аҩыза арыцҳара ҟамларцаз иаҭаху зегьы ҟаҵазароуп.

„Ҩышықәса шҵызгьы, ҳара ҳазынтәгьы ибзианы иҳгәалашәоит Шови изакәытә рыцҳароу иҟалаз, атәыла зегьы арыцҳара ду иҭагылан, иҭахаз ауаа ҳаҭырла ргәаларшәара иаҳуалуп, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп наҟ-наҟ абри аҩыза арыцҳара ҟамларцаз.   Уаанӡа, анаҟәоу аҿыбгара иадҳәалоу апрецедент ҟамлацызт, абри аҩыза аҭҵаарақәа мҩаҧгамызт. Ҳара, швеицариатәи аилахәыра ҳацырхрааны, аҭҵаарақәа рымҩаҧгара ҳалагеит. Атәыла зехьынџьара анаҟәоуқәеи, аеррозиатә процессқәеи ҭаҳҵаауеит, уи абзоурала, иашьашәалоу ашәарҭақәа рпревенциа ҳалшоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.