Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәыла ивизит иалагеит 
Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәыла ивизит иалагеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы  ивизит иалагеит. Ереван, Зварҭноц жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы диҧылеит Шәамахьтәылатәи ареспублика авице-аҧыза Тигран Хачатриан.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Кобахиӡе, Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылоит. Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа рхантәаҩрала имҩаҧгахоит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рекономикатә усеицура Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара.

Акомиссиа аилатәара ашьҭахь, Иракли Кобахиӡеи Никол Ҧашиниани амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Ереван аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.