Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла Қырҭтәыла аганахьала иамоу азныҟәашьа Бриуссель иахьатәи аполитика акомпетентдара амини-модель ауп
«Иацы ишҳаҳаз ала, атехникатә гәыҧқәа рыҩаӡараҟны атехникатә зҵаарақәа ирылацәажәон, аха, лабҿаба иубарҭоуп авизадатә режим алацәажәараан аполитикатә зҵаарақәагьы рхы ишадырхәо, Бриуссель аламысдара уи алагьы иубарҭоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Евроеидгыла Қырҭтәыла аганахьала иамоу азныҟәашьа Бриуссель иахьатәи аполитика акомпетентдара амини-модель ауп.
«Ишәгәаласыршәар сҭахуп, Бриуссель жәларбжьаратәи азин шеиларгаз, дара адипломатиатә паспортқәа змоу ауаа авизадатә режим рзааныркылеит, уи ала 2010 шықәсазы Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра еиларгеит. Ари аганахьала, Евроеидгылоуп жәларбжьаратәи азин еилазгаз. Нас, абри аилагара рҵәахырц азыҳәан, Қырҭтәылазы ҷыдлатәи анормақәа рхәыцит. Иҟарҵо зеггьы логикак аҵам. Ҳтәыла мацараз рхы иадырхәо апҟарақәа рхәыцит. Адемократиа иаҿыҵганы, иҟаҳҵаша ҳарҳәоит. Убри алагьы иубарҭоуп Бриуссель Евроеидгыла иахьынӡананагаз. Бриуссель амшала Евроеидгыла жәларбжьаратәи ази аилагаҩыс иҟалеит.
Иахьанӡа иҟарҵахьоу зегьы дара рхаҭа ирҧырхагахеит. Евроеидгылахь агәрагара каҳаит. Убри аҟынтә, уажәгьы ирҧырхагахаша ак ҟарҵар рҭахызар, иҟарҵааит. Евроеидгыла Қырҭтәыла аганахьала иамоу азныҟәашьа Бриуссель иахьатәи аполитика акомпетентдара амини-модель ауп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили. Шалва Папуашвили.