Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аҭынч мҩала аиҭашьақәыргылареи, адеокупациеи, ампыҵахалатә цәаҳәала еиҟәшоу ауааҧсыра реинаалареи, алахәызаареи аполитика нарыгӡоит
Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аҭынч мҩала аиҭашьақәыргылареи, адеокупациеи, ампыҵахалатә цәаҳәала еиҟәшоу ауааҧсыра реинаалареи, алахәызаареи аполитика нарыгӡоит

Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аҭынч мҩала аиҭашьақәыргылареи, адеокупациеи, ампыҵахалатә цәаҳәала еиҟәшоу ауааҧсыра реинаалареи, алахәызаареи аполитика нарыгӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2024 аркратә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Ҳара ҳтәыла аҿиара змоу  ҳаамҭазтәи адунеиаҿ иахәҭоу аҭыҧ ааннакылароуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи апозициақәа иаҳа ирҕәҕәатәуп, ари аус аҿы адипломат цыҧхьаӡа  ароль ҷыда наигӡоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аҭынч мҩала аиҭашьақәыргылареи, адеокупациеи, ампыҵахалатә цәаҳәала еиҟәшоу ауааҧсыра реинаалареи, алахәызаареи аполитика нарыгӡоит.  Адипломатиатә маҵзура,   ҳтәыла аинтересқәа рыхьчаразы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа активла аус рыцнауеит. Сынтәа азхаҵамра аполитика қәҿиарала имҩаҧган,  ҳдипломатцәа  ари аус аҿы алагала ду ҟарҵеит.  12 мза ирылагӡаны азхаҵамра аполитика принципла, хықәкыла, қәҿиарала имҩаҧысуеит, уи азыҳәан ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп“, – иҳәеит аԥыза-министр.