Иракли Кобахиӡе - OSCE/ODIHR аихшьаала ишьақәнарҕәҕәоит алхрақәа қәҿиарала ишымҩаҧгаз
Иҳаҩсыз амчыбжь азы ҳоппозициаа ихьанҭаӡоу амшқәа рыхгара рықәшәеит, зны Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада ивизит мҩаҧган, ишубарҭоу ала, ари авизит ааха ҕәҕәа рнаҭеит, уажәы уи иацлеит OSCE/ODIHR аҳасабырба, уи шьақәнарҕәҕәоит алхрақәа қәҿиарала ишымҩаҧгаз, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр иахьатәи апрессконференциаҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аоппозициааи ахада Саломе Зурабишвилии арҭ алхрақәа ирыдҳәаланы ахарадҵарақәа иқәдыргылеит, аха, OSCE/ODIHR аҳасабырбала арҭ ахарадҵарақәа иаҧыхын.
«Абжьыҭира амаӡа иазкыз актәи ахарадҵара иаҧыхын. Аиммигрантцәа рыла абжьыҭира ҳалацәажәозар, OSCE/ODIHR ахаҭарнакцәа ари азҵаара зынӡаскгьы хшыҩзышьҭра азырымуит. Убри аҟынтә, араагьы рхарадҵара иаҧыхын. Ахҧатәи – акарусель, ишәгәалашәозар ҟалап, аоппозициаа ари аметодла 300 000 абыжьқәа ҧаршеизшәа рҳәеит, иара убас, Саломе Зурабишвили алхыҩк 17-нтә ибжьы аиҭазшәа лҳәеит, ари ахарадҵарагьы иаҧыхын. OSCE/ODIHR аҳасабырбаҿы ари азҵаара зынӡаскгьы иалацәажәом. Амчылара ҳалацәажәозар, дара акык-ҩбак афактқәа мацароуп иазгәарҭаз. Убри аҟынтә, аоппозициаа арҭ алхрақәа ирыдҳәаланы иқәдыргылаз ахарадҵарақәа зегьы иаҧыхын», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.