Иракли Кобахиӡе - Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭыҧ аанкылара идысныҳәалар сҭахуп, хәышықәса ирылагӡаны ари аҭыҧаҿ ҳаҭырла атәыла амаҵ аура изеиҕьасшьоит
Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭыҧ аанкылара идысныҳәалар сҭахуп. Иара дпатриотҵәҟьоуп, анеҩстәи хәышықәса ирылагӡаны ари аҭыҧаҿ ҳаҭырла атәыла амаҵ аура изеиҕьасшьоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, 20 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәылаҿ апатриот президент дыҟамызт, абарҭ 20 шықәса рнеҩс Михаил Ҟавелашвили атрадициа ҿыц ашьаҭакра иқәшәоит.
„Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭыҧ аанкылара идысныҳәалар сҭахуп. Иара дпатриотҵәҟьоуп, анеҩстәи хәышықәса ирылагӡаны ари аҭыҧаҿ ҳаҭырла атәыла амаҵ аура изеиҕьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп иара абри аҳасабтә қәҿиарала ишынаигӡо. 20 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәылаҿ апатриот президент дыҟамызт, абарҭ 20 шықәса рнеҩс Михаил Ҟавелашвили атрадициа ҿыц ашьаҭакра иқәшәоит, ари аус аҭакҧхықәра ду ацуп, сара агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили ари аҭакҧхықәра қәнагарала дшақәныҟәо“, – иҳәеит аҧыза-министр.