Иракли Кобахиӡе - Иахьатәи аӡбамҭа аԥсадгьыл абзиабаразы Биӡина Иванишвили ианаршьаз аҳамҭоуп
Ҳара ҳинтересқәа ирылоуп ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара мацара, ари амҩала хышықәса иреиҳаны ҳныҟәоит, ари иабзоураны Қырҭтәыла Украинаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ацәцара алшеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иракли Кобахиӡе иажәақә рыла, атәым мчқәа Украина анапхгара ҩынтә рыԥсахит.
“Ари ҟазҵаз амчқәа Украина алахьынҵа азы, Украина аилаҳаразы аҭакԥхықәра рыдуп. Қырҭтәыла аиқәхара алшеит. Ҳара ҳинтересқәа ирылоуп ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара мацара, ари амҩала хышықәса иреиҳаны ҳныҟәоит, ари иабзоураны Қырҭтәыла Украинаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ацәцара алшеит. Иахьатәи аӡбамҭа аԥсадгьыл абзиабаразы Биӡина Иванишвили ианаршьаз аҳамҭоуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
ЕАШ афинанстә департамент апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ашьаҭаркҩы, пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили афинанстә санкциақәа иқәнаҵеит. Аӡбамҭа ЕАШ афинанстә департамент атәым активрақәа рхылаԥшра аофис (OFAC) авебдаҟьа ианылеит. Афинанстә департамент ақәҵараҿ ишану ала, “Биӡина Иванишвили асанкциақәа иқәҵан анагӡаратә ақәҵара 14025 ашьаҭала.