Иракли Кобахиӡе  — Иахьа ҳара анаркоацәгьаура, еиҿкаау ацәгьаура, акоррупциа, аполитикатә ашьаҭа змоу ацәгьаура уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла иџьбараны азакәан ахархәара алшара ҳамоуп
Иракли Кобахиӡе  — Иахьа ҳара анаркоацәгьаура, еиҿкаау ацәгьаура, акоррупциа, аполитикатә ашьаҭа змоу ацәгьаура уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла иџьбараны азакәан ахархәара алшара ҳамоуп

«Иахьа ҳара анаркоацәгьаура, еиҿкаау аҵцәгьаура, акоррупциа, аполитикатә ашьаҭа змоу ацәгьаура уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла иџьбараны азакәан ахархәара алшара ҳамоуп. Ҧаса, аобиективтә мзызқәа рымшала, уи ҳзыҟаҵомызт», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аҷара ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла,  аҧыза-министр иакәӡам ацәгьаура иазку азҵаарақәа аҭак рызҭаша.

«Акоррупциатә ацәгьаурақәа ҳрылацәажәозар, ҧаса ҳара иџьбараны азакәан ахархәара ҳалшомызт, избанзар, иҧсабаратәымкәа иаҧҵаз аҧынгылақәа рацәан.  Иахьа ҳара анаркоацәгьаура, еиҿкаау аҵцәгьаура, акоррупциа, аполитикатә ашьаҭа змоу ацәгьаура уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла иџьбараны азакәан ахархәара алшара ҳамоуп. Ҧаса, аобиективтә мзызқәа рымшала, уи ҳзыҟаҵомызт. Инеиакны ацәгьаура иаҿагыло ақәҧара ҳалацәажәозар, аҧыза-министр иакәӡам ацәгьаура иазку азҵаарақәа аҭак рызҭаша, избанзар, ашьауҕатә усқәа рхьацыркра иазку аӡбарақәеи  урҭ иреиҧшу егьырҭ аӡбарақәеи аҧыза-министр изинмчқәеи ифункциақәеи ирыҵанакуам», — иҳәеит аҧыза-министр.