Иракли Кобахиӡе – Ҳара хазхаҭалатәи асубиектқәа рыла аҧсахратә терапиа апрограммақәа рымҩаҧгара ақәиҭымтәреи аҭакҧхықәра наӡа аҳәынҭқарра адҵареи иазкны аӡбара ҳадаҳкылеит
Иракли Кобахиӡе – Ҳара хазхаҭалатәи асубиектқәа рыла аҧсахратә терапиа апрограммақәа рымҩаҧгара ақәиҭымтәреи аҭакҧхықәра наӡа аҳәынҭқарра адҵареи иазкны аӡбара ҳадаҳкылеит

 

«Ҳара хазхаҭалатәи асубиектқәа рыла аҧсахратә терапиа апрограммақәа рымҩаҧгара ақәиҭымтәра иазкны аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ауааҧсыра иҵаҵгәырку агәҩара рымоуп хазхаҭалатәи аилахәырақәа ирыдаргало амаҵзура, бжеиҳарала, апациент ихәышәтәра акәымкәа, закәанла анаркотикқәа рыла иеиқәыршәара иазкуп ҳәа.

«Ишдыру еиҧш, аҧсахратә терапиазы рхы иадырхәоит  «метадони»  «бупренорфини».  Ауааҧсыра иҵаҵгәырку агәҩара рымоуп хазхаҭалатәи аилахәырақәа ирыдаргало амаҵзура, бжеиҳарала, апациент ихәышәтәра акәымкәа, закәанла анаркотикқәа рыла иеиқәыршәара иазку ҳәа.

Хазхаҭалатәи аилахәырақәа  излауа ала ирацәаны апрепаратқәа рыҭира аганахьала ииашо акоммерциатә интерес анрымоу, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, ҳәарада, дара апациент ихәышәтәра акәымкәа, излауа ала ирацәаны апрепаратқәа рыҭира иазҿлымҳауп. Абри аҩыза апрактика аҵыхәа ҧҵәатәуп. Убри аҟынтә, ҳара  хазхаҭалатәи асубиектқәа рыла аҧсахратә терапиа апрограммақәа рымҩаҧгара ақәиҭымтәра иазкны аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит аҧыза-министр.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аҧсахратә хәышәтәра  — амедицинатә практика иаҵанакәа, акырӡа ишәарҭоу  акатегориазы аҭакҧхықәра агароуп аҳәынҭқарра, уи, ахатә усбарҭақәа рыла, ахәышәтәра апроцессаҿ иаку астандартқәа раларҵәара еиқәнаршәоит.