Иракли Кобахиӡе - Ҳара Тулси Габбард «Диҧ стеиҭ» аҿаҧҽразы ҭабуп ҳәа лаҳҳәароуп, ажәлар ирдыруазароуп аолигархцәа иформалым рнапхгара аоппонентцәа рдискредитациазы методқәас рхы иадырхәо
«Ҳара Тулси Габбард «Диҧ стеиҭ» аҿаҧҽразы ҭабуп ҳәа лаҳҳәароуп, ажәлар ирдыруазароуп аолигархцәа иформалым рнапхгара аоппонентцәа рдискредитациазы методқәас рхы иадырхәо», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, «Америка амилаҭтә шәарҭадара анапхгаҩы Тулси Габбард афактқәа рыла ишьақәлырҕәҕәеит Урыстәыла Дональд Трамп иҿагыланы америкатә алхрақәа аҽаланагалазшәа имцырку аинформациа Барак Обама ишалаирҵәаз».
«Иара убас, Тулси Габбард иаартны илҳәеит Трамп идискредитациа иазкыз акампаниа «Диҧ стеиҭ» ала ишеиҿкааз, аҳәынҭқарратә структурақәа ари акомпаниа амҩаҧгара ишалахәыз. Ахада Трамп ихаҭа ҭабуп ҳәа лаҳәаны, аматериалқәа зегьы Аиустициа аминситррашҟа идәықәиҵеит. Еиуеиҧшым атәылақәа рҿы аоппонентцәа Урыстәыла иадгылоушәа рхараҵара «Диҧ стеиҭ» азы иҟазшьарбагоуп.
«Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгарахьы ианааи инаркны Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟаьа акампаниа мҩаҧысуеит. «Диҧ стеиҭ» анапхгарала имҩаҧысуа акампаниа иалахәып арадикалтә оппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, европатәи абиурократиа ахаҭарнакцәеи. Урыстәыла ҳадгылоушәа ҳзырҳәоит, уи азы мзыз заҵәык ауп иҟоу, — ҳара аҳәаанырцәынтә иҳарҭо адҵақәа наҳагӡом, ҳтәыла асуверинитет ҳахьчоит, ЛГБТ пропаганда ҳаҿагылеит, аибашьра ҳҽалаҳамгалеит. Аха, араагьы, аӡәгьы Урыстәыла ҳшадгыло азы изакәызаалак ашаҳаҭгак цәыримгеит.
Ҳара Тулси Габбард «Диҧ стеиҭ» аҿаҧҽразы ҭабуп ҳәа лаҳҳәароуп, ажәлар ирдыруазароуп аолигархцәа иформалым рнапхгара аоппонентцәа рдискредитациазы методқәас рхы иадырхәо», — иҩит Иракли Кобахиӡе.