Иракли Кобахиӡе – Ҳара аргама иааҳацҳаит 2030 шықәсазы Евроеидгыла алалара хықәкыс ишҳамоу, ииашоу азныҟәашьа ҟалар, евроинтеграциа апроцесс акгьы иаҧырхагахом
Иракли Кобахиӡе – Ҳара аргама иааҳацҳаит 2030 шықәсазы Евроеидгыла алалара хықәкыс ишҳамоу, ииашоу азныҟәашьа ҟалар, евроинтеграциа апроцесс акгьы иаҧырхагахом

Ҳара аргама иааҳацҳаит 2030 шықәсазы Евроеидгыла алалара хықәкыс ишҳамоу, ииашоу азныҟәашьа ҟалар, евроинтеграциа апроцесс акгьы иаҧырхагахом, – иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе апарламентаҿ есышықәсатәи ажәахә ала данықәгылоз.

Иара иҳәамҭала, Қырҭтәыла, евроинтеграциа иацхрааша ашьаҿақәа зегьы рыҟаҵара иазыхиоуп.

„Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәозар, ишыжәдыруа еиҧш, араҟа зҵакы дуу  аҧышәара ҳахысроуп.  Европатәи абиурократиа ииашамкәа иҳазныҟәоит, аха, ҳара аҽазыҟаҵара наҳагӡоит, ҳара ҳтәыла евроинтеграциа иацхрааша ашьаҿақәа зегьы рыҟаҵара иазыхиоуп. Ҳара аргама иааҳацҳаит 2030 шықәсазы Евроеидгыла алалара хықәкыс ишҳамоу. Ииашоу азныҟәашьа ҟалар, евроинтеграциа апроцесс акгьы иаҧырхагахом. Ҭынч,  азыҧшра арежимаҿ ҳаҟоуп,  ари ахырхарҭала прогмативла аусура наҳагӡоит,  европатәи абиурократиа  ииашоу ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа ҳгәыҕуеит“, – иҳәеит Кобахиӡе.