Иракли Кобахиӡе - Ерекле аҩбатәи афырхаҵареи, апатриотизми, апрогматизми, ахамеигӡареи дасимволуп, ҳара ҳазынтәгьы наӡаӡа игәаларшәара иаҳуалуп, аҳҭнықалақьаҿ Ерекле аҩбатәи ибаҟа аартра аҵакы ду амоуп 
Иракли Кобахиӡе - Ерекле аҩбатәи афырхаҵареи, апатриотизми, апрогматизми, ахамеигӡареи дасимволуп, ҳара ҳазынтәгьы наӡаӡа игәаларшәара иаҳуалуп, аҳҭнықалақьаҿ Ерекле аҩбатәи ибаҟа аартра аҵакы ду амоуп 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, акультуреи аспорти рзы аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи ҿыц еиҿкаау „Самгортәи апарк“ рбеит, уаҟа Ерекле аҩбатәи ибаҟа дыргылоит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы, Қарҭ ахадара аҧсабара ахьчара ақьалақьтә маҵзура  апаркаҿ имҩаҧнагаз аусурақәа гәеиҭеит. Мераб Мерабишвили иусумҭа инақәыршәаны иҟаҵоу абаҟа ҿыц еиҿкаау апаркаҿ идыргылараны иҟоуп  2025 шықәса ҭагалан азы. 

„Ерекле аҩбатәи афырхаҵареи, апатриотизми, апрогматизми, ахамеигӡареи дасимволуп, ҳара ҳазынтәгьы наӡаӡа игәаларшәара иаҳуалуп, ари абаҟагьы уи ауп изызку.  Аҳҭнықалақьаҿ Ерекле аҩбатәи ибаҟа аартра аҵакы ду амоуп. Қарҭ зҵакы дуу арекреациатә қәыҧшылара еиҿкаахоит. Каха Калаӡе аҳҭнықалақь дахагыланаҵы ҳақалақь иаҳа-иаҳа иҧшӡахоит, ҳәарада, ари апроцесс нагӡахароуп. Ҳара аҿиара ҳҭахуп, ари апроектгьы ҳтәыла аҿиара аганахьала иҿырҧшыгоуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.  

Исани араионаҿ, Кахеҭи амҩаду иаҧну апарк аиҭашьақәыргылараан ҩ-гектарк аҵакыраҿ еиҿкаан аныҟәратә мҩахәасҭақәеи, аспорттә ашҭеи, амфитеатри, ахәыҷтәы ашҭеи, аҧсшьаратә қәыҧшылареи. Аусурақәа ирылаҵан 5 миллион лари.