Иракли Кобахиӡе ЕАР аҿы акредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР аҿы акредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз ареформақәеи, атәыла аекономикатә алшарақәеи, атранзиттә роли, иара убас, − арегионалтә усеицуреи, иахьазы иҟоу аҳасабтәқәеи ирылацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы, аимакқәа рҭыҧқәҵареи, иара убас, жәларбжьаратәи аҭынчреи, ашәарҭадареи, атәыла иҭышәынтәалоу аҿиара аиқәыршәареи азы аглобалтә партниорра арҿиара иамоу аҵакы дазааҭгылеит.
Иара убас, аиҧылараҿы, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи иалацәажәеит. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аполитика ишазгәуку, иара ЕАР аҿы акредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, азхаҵамра аполитикеи адгыларазы.
Иракли Кобахиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы ҷыда, иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла, арегионаҿ акыраамҭала аҭынчра еиқәзыршәо адиалог ацхраара ишазыхиоу.