Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Дубаи ивизит хыркәшоуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы Адунеи аиҳабырақәа рсаммит ихы алаирхәит, иара убас, ари аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, аполитикатә аҩаӡараҟны, иара убас, – аинвестициатә еилахәыра дуқәа рменеџьмент рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧган.
Иахьа Иракли Кобахиӡеи ақырҭуа делегациа алахәылацәеи иҧсабаратәым аинтеллект атемазы имҩаҧгаз апанельтә сессиа рхы аладырхәит, асессиа мҩаҧыргеит Америка аиҳабыратә еффективра адепартамент анапхгаҩы Илон Маски Иеиду Араҧтәи Емиратқәа иҧсабаратәым аинтеллекти аҧхьаӡацтә економикеи рзы аҳәынҭқарратә министр Омар Султан Алоламеи.
Аҧыза-министр амедиахаҭарнакцәа дырҧыланы, Адунеи аиҳабырақәа рсаммит аҿы ақырҭуа делегациа рылахәызаара аҵакы дахцәажәеит. Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, аиҳабыра ари аформат рхы иадырхәит рҳәатәы апартниорцәа рҟнынӡа анагаразы.
“Дубаи анапхгаҩи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахадеи, аҧыза-министри, иара убас, Кувеит аҧыза-министри ҳарҧыланы,, ҳрацәажәеит. Арҭ аиҧыларақәа аинтерес ду рыҵан. Конкретла ари арегионаҿ аизыҟазаашьақәеи, аполитикатә партниорреи, аекономикатә аимадарақәеи рырҭбаареи иаҳа рырҿиареи ҳара ҳзы иаҵанакуа рацәоуп. Ари аформат ҳхы иаҳархәит ҳҳәатәы ҳҩызцәа рҟнынӡа, ҳпартниорцәа рҟынӡа инаҳгарц азы, ари аганахьала ари асаммит аҵакы ду аман“, – иҳәеит аҧыза-министр.