Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит.

Азербаиџьантәи ареспублика аминистрцәа ркабинетаҿ имҩаҧгаз ишиашо аиҧылараҿы Али Асадов  Иракли Кобахиӡе идиныҳәалеит жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рҿы анапхгаратә гәыҧ аиааиреи аҧыза-министрс иалхреи, иара ишиҳәаз ала, арҭ алхрақәа рҿы ақырҭуа жәлар даҽазнык ргәазыҳәара аадырҧшит.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниоррала иазҧхьагәаҭоу ахадаратә хырхарҭақәеи, ҩ-тәылак рекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы изхәаҧшуа азҵаарақәеи ирылацәажәеит.  

Иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Азербаиџьани  русеицура аҿиара адинамика бзиа.  

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы. Аҧыза-министрцәа х-ганктәи адиалоги арегионалтә усеицура арҿиареи ишазыхиоу шьақәдырҕәҕәеит.