Иракли Кобахиӡе  - Аполитикатә ҭышәынтәалара абизнес азы ахадаратә ҵакы амоуп, ҳара атәылаҿы аполитикатә ҭышәынтәалареи аполиткиатә ҭынчреи аиқәыршәаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит
Иракли Кобахиӡе  - Аполитикатә ҭышәынтәалара абизнес азы ахадаратә ҵакы амоуп, ҳара атәылаҿы аполитикатә ҭышәынтәалареи аполиткиатә ҭынчреи аиқәыршәаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит

 

«Аполитикатә ҭышәынтәалара абизнес азы ахадаратә ҵакы амоуп, ҳара атәылаҿы аполитикатә ҭышәынтәалареи аполиткиатә ҭынчреи аиқәыршәаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит,  аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари ахырхарҭала иҟаҵоу рацәоуп», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Абизнес ассоциациа аконференциаҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҳәаанырцәтәи аҧара активла ахархәара аман Қырҭтәыла  иҧсабаратәымқәа аҭагылазаашьа аруадаҩразы, «Аартызаара иазку» азакәан абзоурала, аиҳабыра  атәылаҿы аҭышәынтәалара аиқәыршәареи  аполиаризациа армаҷреи рылшеит.

«Аполитикатә ганахьала ҳахәаҧшыр, ҳәарада, аполитикатә ҭышәынтәалара абизнес азы ахадаратә ҵакы амоуп. Ҳара атәылаҿы аполитикатә ҭышәынтәалареи аполитикатә ҭынчреи иҟазарц азыҳәан иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари ахырхарҭала иҟаҵаз рацәоуп. Шьаҿақәак рымшала, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳтәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт, аха, аҵыхәтәаны, абарҭ ашьаҿақәа рыбзоурала, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахеит.  „Аартызаара иазку“ азакәан ари аус аҿы даараӡа иҳацхрааит, ари азакәан атәылаҿы аҭышәынтәалара ҕәҕәа аиқәыршәареи аполиаризациа армаҷреи иацхрааит. Рыцҳарас иҟалаз, аҳәаанырцәтәи аҧара активла ахархәара аман Қырҭтәыла  иҧсабаратәымқәа аҭагылазаашьа аруадаҩразы. Абри азакәан ауп аполиаризациа армаҷра ҳалзыршаз, уажәшьҭа арадикалтә мчқәа русхәаҧштә қәҿиарала анагӡара рылшом», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.