Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Туркменистанҟа  ддәықәлеит 
Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Туркменистанҟа  ддәықәлеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Туркменистанҟа  ддәықәлеит.

Ашхабадтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Қырҭтәыла аҧыза-мимнистр иҧылара ацереморниа мҩаҧган.

Уаҵәы Иракли Кобахиӡе дидикылоит Туркменистан ахада Сердар Бердимуҳамедов.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла актәи авице-аҧызеи Туркменистан аминистрцәа ркабинет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи рнапхгарала,  Қырҭтәылеи Туркменистани реиҳабырақәа рылахәылацәа ирҭбаау аформатаҿ аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит, убри анеҩс, аусхкытә усбарҭақәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура иазку аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит.

Таркменистанҟа идәықәлаз аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.