Иракли Кобахиӡе анаркотикқәа рҿагыларазы Европатәи Акоалициа аԥҵаразы Франциа аԥшьгарала еиқәыршәаз адекларациа инапы аҵаиҩит
Қырҭтәыла анаркотикқәа рҿагыларазы Европатәи Акоалициа аԥҵара иазку Франциа аинициатива аҽаланархәоит. Адекларациа инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Копенгаген, Европатәи аполитикатә аидҵара 7-тәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз ауснагӡатә ахантәаҩра азыруит Франциа ахада Еммануель Макрони Италиа аҧыза-министр Џьорџьиа Мелони. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министри еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи.
Аҧыза-министр анаркотикқәа рҿагыларазы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго иџьбараӡоу аполитика далацәажәеит. Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ақырҭуа азинхьчаҩцәа зеиҧшҟамлац ала ирацәаны анаркотикатә маҭәахәқәа аадырҧшит, иара убас, жәаҩыла анаркотикқәа рыҭиҩцәа дуқәа аанкылоуп.
Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит анаркотикқәа ирҿагылоу аеффективтә ақәҧара апроцесс аҿы адунеи алидерцәа рзеиҧш ҽазышәареи жәларбжьаратәи аусеицуреи ахымҧадара. Иара ишиҳәаз ала, анаркотикқәа рҿагыларазы Европатәи Акоалициа аԥҵара иазку Франциа аинициатива ари аганахьала акрызҵазкәа шьаҿоуп.