Иракли Кобахиӡе аиҳабыра алахәылацәеи Қарҭ ахадеи атәыла акыраамҭалатәи аҿиара астратегиа ахадаратә хырхарҭақәа ирызкны драцәажәеит
Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла акыраамҭалатәи аҿиара астратегиа ахадаратә хырхарҭақәа аус рыдулара иаҿуп. Иахьа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра алахәылацәеи Қарҭ ахадеи ари адокумент ахадаратә хырхарҭақәа ирызкны драцәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ари астратегиа анеҩстәи ашықәсқәа рзы атәыла иҭышәынтәалоу аҿиара еиқәзыршәо амҩақәҵагахоит, убри аҟынтә, ахадаратә ҵакы змоу аусхкқәеи, аконкреттә хықәкқәеи аҳасабтәқәеи рҳәаақәҵара аҵакы ду амоуп.
Астратегиаҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рымазаауеит аҵареи, агәабзиарахьчареи, аекономикеи, асоциалтә аҿиареи азҵаарақәа. Аусхкы цыҧхьаӡаҿы иҳәаақәҵахоит анеҩстәи ашықәсқәа рзы атәылаҿ инагӡатәи ахықәкқәа.
Адокумент интенсивла аус адырулоит, хара имгакәа уи ауааҧсыра ирызцәырыргоит.