Иракли Кобахиӡе - Аибашьра апартиеи аҭынчра зҭаху амчқәеи реиҿагылара ихадоу афазахь ииасуеит, ари ақәԥара аҭынчра аиааирала ихыркәшахап ҳәа агәрагара ҳамоуп
Аибашьра апартиеи аҭынчра зҭаху амчқәеи реиҿагылара ихадоу афазахь ииасуеит, ари ақәԥара аҭынчра аиааирала ихыркәшахап ҳәа агәрагара наҳагӡоит, – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Украина аибашьра ирласӡаны ихыркәшахар, ирацәан украинаа рыԥсҭазаара еиқәхоит, аҭынчра шьақәгылоит.
“Иацы даҽазнык иубарҭан аибашьра зҭаху апартиеи аҭынчра зҭаху апартиеи реиԥшымзаара. Уи Трампи Зеленскии ракәӡам, рполемика ашьҭахь аҭыԥ амаз аҳәамҭақәа, ақәҿыҭра ауп сзыхцәажәо. Аибашьразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа Трамп иҭынчратә ҽазышәара иаҿагылеит.
Аглобалтә аибашьара апартиа ҳара ибзиаӡаны иаҳдыруа аспикерцәа – Џьин Шаҳини бриуссельтәи ачинуааи ахада Трамп иҿагыланы аҳәамҭақәа рыҟаҵаразы адҵа рнаҭеит. Иацы даҽазнык иубарҭан аибашьра зҭаху апартиеи аҭынчра зҭаху апартиеи реиԥшымзаара. Украина аибашьра ирласӡаны ихыркәшахар, ирацәан украинаа рыԥсҭазаара еиқәхоит, аҭынчра шьақәгылоит.
Аибашьра апартиеи аҭынчра зҭаху амчқәеи реиҿагылара ихадоу афазахь ииасуеит, ари ақәԥара аҭынчра аиааирала ихыркәшахап ҳәа агәрагара наҳагӡоит”, – иҩит Кобахиӡе.