Иракли Кобахиӡе - Абу-Даби ҳнапы зҵааҩыз амеморандум ала иазҧхьагәаҭоуп ҳтәылаҿы зеиҧшҟамлац ала идуу, ф-миллиардк адоллар иаҟароу аинвестициа амҩаҧгара
«Иахьа ҳнапы зҵааҩыз амеморандум ала иазҧхьагәаҭоуп ҳтәылаҿы зеиҧшҟамлац ала идуу, ф-миллиардк адоллар иаҟароу аинвестициа амҩаҧгара», — иҳәеит аофициалтә визитла Абу-Даби иҟоу аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, ари аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла аекономикатә аҿиаразы аҵакы ду амазаауеит.
«Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы аинтерес ду зҵаз аиҧыларақәа мҩаҧаагеит. Раҧхьа иргыланы, ҳара, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рхада, Абу-Даби анапхгаҩы ҳаиҧылеит, аминистрцәеи аиҳабыра алахәылацәеи рҟны ҳаиҧыларақәагьы аинтерес ду рыҵан. Ҳара ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәеи аполитикатә усеицуреи, иара убас, аекономикатә проектқәеи ҳрылацәажәеит. Ҩ-тәылак рыбжьара аусеицура арҭбаара ахьҳалшо иҵегьы ахырхарҭақәа ҳәаақәҵоуп. Насгьы, Абу-Даби ҳнапы зҵааҩыз амеморандум ала иазҧхьагәаҭоуп ҳтәылаҿы зеиҧшҟамлац ала идуу, ф-миллиардк адоллар иаҟароу аинвестициа амҩаҧгара. Ари аҧара Қырҭтәыла иаланаҵоит аинвестициатә усхкы аҿы аҧышәа дуӡӡа змоу аилахәыра — EMAAR Group. Аинтерес ду зҵоу апроект наҳагӡоит», — иҳәеит аҧыза-министр.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, абри зегьы атәыла аекономика аҿиара иацхраауеит, аекономикатә азҳара аласра ацнаҵоит, атәылашҟа егьырҭ аинвесторцәагьы аднаҧхьалоит.