Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе абизнессектор ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун атәыла аекономикаҿы иҟоу атенденциа бзиақәеи аекономикатә азҳара аласра дуи, уи ала Қырҭтәыла, арегионаҿгьы Европаҿгьы актәи аҭыҧ ааннакылоит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аекономикатә аҿиара аҵакы ду амоуп жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Қырҭтәыла апозициақәа рырҕәҕәаразгьы, наҟ-наҟ ари ахырхарҭа хшыҩзышьҭра ду амазаауеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аҕарра армаҷреи аусурҭала аиқәыршәара аизырҳареи аганахьала атәылаҿы иҟоу арбага бзиақәагьы дрылацәажәеит. Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, ҵыҧх 68 нызқь аусуратә ҭыҧқәа аҧҵан, абизнес ари аус аҿы алагала ду ҟанаҵеит, избанзар, абизнес ауп, бжеиҳарала, аусуратә ҭыҧқәа аҧызҵо. Аиҳабыра рнапхгаҩы абизнесменцәа уи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Иара убас, аҧыза-министр, афискалтә ганахьала иҟоу арбага бзиақәеи, аинфлиациа амаҷхареи, амилаҭтә авалиутатә курс аҭышәынтәалареи дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аиҳабыра, аекономикатә азҳара иаҳа арццакра амзызла активла аус руеит.
Абизнесхаҭарнакцәа данырҧылоз, Иракли Кобахиӡе акоррупциа излауа ала армаҷра амзызла аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿақәеи акадртә аӡбарақәеи дрылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, акоррупциа аекономикатә аҿиара иаҧырхагоуп, убри аҟынтә, аиҳабыра, излауа ала акоррупциа армаҷразы ирылшо зегьы .ҟарҵоит. Аҧыза-министр иҳәамҭала, уи азыҳәан аполитикатә ҭаххара иҟоуп, акадртә ҧсахрақәа раангьы аламыс аҧыжәара амоуп.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаҵаз ашьаҿақәагьы дрылацәажәеит, урҭ иреиуп аиҳабыра рзинтә актқәа зегьы раартызаареи, иеиҭамҵуа амал ишиашо аҭира апрактика аҧыхреи, иара убас, аахәара дуқәа шьаҭанкыла рхылаҧшреи. Абарҭ аусқәа зегьы нанагӡоит Аиҳабыра реффективра адепартамент.
Аҧыза-министри абизнесменцәеи реиҧылара мҩаҧган ирҭбаау аформатаҿ, азҵаара-аҭак арежимаҿ. Аиҧылара рхы аладырхәит еиуеиҧшым абизнес усхкқәа ирхаҭарнакцәоу 80ҩык иреиҳаны абизнесменцәа.