Иракли Ҕарибашвили Реџьеп Таип Ердоҕан даниҧылоз, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла, кавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи азы ахатә ҭынчрачаҧаратә функциа анагӡара ишазыхиоу  
Иракли Ҕарибашвили Реџьеп Таип Ердоҕан даниҧылоз, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла, кавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи азы ахатә ҭынчрачаҧаратә функциа анагӡара ишазыхиоу  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылеит.
ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ниу-Иорк аиҧылара мҩаҧган ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформат аҿы.
Аиҿцәажәара аан аҧыза-министр даҽазнык игәалаиршәеит Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы имҩаҧигаз авизит, иара ахада Ердоҕан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ибзиаҵәҟьаны дахьидикылаз азыҳәан.
Аганқәа рхаҭарнакцәа арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы змоу ахықәкқәа иреиуп арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи адгылара, убри аҟынтә, абри ахықәкы анагӡаразы, Қырҭтәыла, кавказтәи арегион аҿы кыраамҭала аҭынчреи аҭышәынтәалареи арҕәҕәаразы ахатә ҭынчрачаҧаратә функциа  анагӡара иазыхиоуп.
Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьацәажәареи Америка алахәызаареи ала Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реиқәшаҳаҭхара, убри абзоурала, Шәамахьтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп, Азербаиџьан анапхгара ироуит аминақәа зҵоу аҵакырадгьылқәа ирызку ахсаалақәа. Ишазгәаҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра агәылацәа рыбжьара аусеицуразы ашьаҭа бзиа аҧнаҵоит.
Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит ахада Ердоҕан алагала ҷыда шыҟаиҵо ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра иаҳа арҭбаара аус аҿы.  Хшыҩзышьҭра азун ҩ-тәылак рыбжьара аполитикатәи аекономикатәи аимадара арҭбаара аҵакы. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, зыҩаӡара ҳараку Астратегиатә усеицура ахеилак анеҩстәи аилатәара ашықәс анҵәамҭанӡа имҩаҧгахап ҳәа игәыҕуеит.
Аиҧылара алахәылацәа ҳаҧхьаҟа ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара азҵаара иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа еицынарыгӡо, арегионалтә ҵакы змоу апроектқәа рылагьы лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи астратегиатә партниорра ҕәҕәа шрыбжьоу. Иара убас, аиҧылараҿы,   аганрацәалатә усеицурагьы хшыҩзышьҭра азун. Ишазгәаҭаз ала, аҵакы ду амоуп х-ганктәи аусеицура аформат   – Қырҭтәыла – Ҭырқәтәыла -Азербаиџьан, ари аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа, еиуеиҧшым асекторқәа инрықәыршәаны, азҵаарақәа рацәа ирыхәаҧшуеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит ахада Ердоҕан, хаҭала, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло,  европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла дшацхраауа. Аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭырқәтәыла ахада уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Аиҧылара анҵәамҭаз, аҧыза-министр, Ниу-Иорк иҟоу Аҭырқәа ҩны аҿы, асас дахьқәа рышәҟәы аҟны агәаларшәагатә нҵамҭа ҟаиҵеит.