Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, агәабзиарахьчара аминистр дамырхыр ҟалап ҳәа иаларҵәаз аинформациа ииашам
Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, агәабзиарахьчара аминистр дамырхыр ҟалап ҳәа иаларҵәаз аинформациа ииашам

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аминистрцәа ркабинетаҿ акадртә ҧсахрақәа мҩаҧысуеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа шьақәирҕәҕәом.

Иракли  Ҕарибашвили агәабзиарахьчара аминистр иамхра иазку аинформациа иадҳәаланы ианиазҵаа,  иара ишиҳәаз ала, уи мцуп.

АИХқәа аинформациа аладырҵәеит агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили ицынхәрас Ҭеа Ҵулукиани дықәдыргылар ҟалап ҳәа.