Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа  ихы алаирхәит 
Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа  ихы алаирхәит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Давостәи Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа –  “Аглобалтә системақәа рахь агәрагара аиҭашьақәыргылара” ихы алаирхәит.

Шьыбжьхьаҿы аҧшәмара иман Адунеизегьтәи аекономикатә форум ашьаҭаркҩы, апрофессор Клаус Шваб,  модераторс дыҟан – Адунеизегьтәи аекономикатә форум ахада Бренде Борге. Иара убас, алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш.