Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа  аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит
Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа  аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Қырҭтәыла аҧеиҧш –  Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу,  ари аҧеиҧш альтернатива амам. Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи еиднаҳәалоит», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель изиҩыз ашәҟәы аҟны.

«Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп хаҭала шәара  Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа  ирзаашәырҧшуа адгыларазы. 2022 шықәса рашәарамзазы Қырҭтәыла европатәи аперспектива азхаҵарала, ҳареи Евроеидгылеи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит.  Евроеидгыла алидерцәа ирыдыркылаз абри  аҭоурыхтә аӡбара ажәанҵа ҕәҕәа аформа аиуит, уи даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас ишыҟало.

Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Евроеидгыла алахәызаара акыраамҭалатәи аҧхықәрақәеи аҭакҧхықәра дуи шацу. Сара анапхгара ззыуа аиҳабыра рҽеидкыланы,  Евроеидгыла алаларазы иаҭаху ареформақәа зегьы нырагӡареи рырццакреи ҕәҕәала иӡбаны ирымоуп», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, акандидат астатус анашьара Қырҭтәылаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара иацхраауеит.

«Евроеидгыла ҳаҭабууп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, иара убас, урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара ацхраареи азыҳәан. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи рактивтә алахәызаара Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа аҭынчмҩала рреинтеграциеи уажәазы еиҟәшоу ауаажәларра алахәылацәа реинаалареи  аиқәыршәараҿы ахадаратә роль шынарыгӡо», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.