Иракли Ҕарибашвили  Урсула фон дер Лаиен лахь  - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит
Иракли Ҕарибашвили  Урсула фон дер Лаиен лахь  - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит

«Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи  Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи акомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен илзиҩыз ашәҟәы аҟны.

Ҕарибашвили ишәҟәы аҟны ишану ала, иара агәра игоит Евроеидгыла, акандидат астатус анашьара иазку аҭаоурыхтә аӡбарала, Қырҭтәыла адгылара шынанагӡо.

«Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Еврокомиссиаҟны аусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи, Евроеидгыла алаларазы анеҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵареи шаҳҭаху. Қырҭтәыла иаанарҧшыз апрогресс дуи, иара убас,  азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи органқәа уажәааны иҟарҵаз ашьаҿақәеи иазҧхьагәаҭаны, сара агәыҕра ду сымоуп Евроеидгыла, акандидат астатус анашьара иазку даҽа аҭоурыхтә аӡбарак ала, Қырҭтәыла адгылара шынанагӡо.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара ахылҵуеит. Уи Қырҭтәыла аҧеиҧши, иара убас,  адунеиашҟа агеостратегиатә инвестициа аҳасабала Евроеидгыла арҭбаара аполитикахь агәрагара аизырҳареи, Европа аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи  азыҳәан ахадаратә ҵакы амоуп.  Аимакқәа ахьырацәоу абри арегионаҿ Қырҭтәыла, арегионалтә аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, адемократиатә аҿиареи, аусеицуреи азыҳәан ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵоит. Иара убас, ҳара, ахадаратә ҵакы ҳанашьоуп  аглобалтә аимадаратә ахсаалаҿы, избанзар,  адунеи зегьы адаагалоит аенергетикатә усеицуразы альтернативтә маршрутқәеи,  Амшын еиқәаҿы аидарамҩангареи ахәаахәҭреи  арҿиареи.

Агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль шынанагӡо.  Акандидат астатус анашьара Қырҭтәылаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара иацхраауеит», — иануп  Иракли Ҕарибашвили ишәҟәы аҟны.

Иара убас, Қырҭтәыла аҧыза-министр,  Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели, Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи ашәҟәқәа рзиҩит.