Иракли Ҕарибашвили  Хавиер Коломина диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Хавиер Коломина диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы НАТОи Қырҭтәылеи русеицура  аусхәаҧштә ахадаратә хырхарҭақәеи евроатлантаикатә интеграциа ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟоу апрогресси иалацәажәеит.

Хавиер Коломина Иракли Ҕарибашвили идиныҳәалеит Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура.

Аҧыза-министр Хавиер Коломина адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәи интеграциа ҳтәыла адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи аҿы аҧыжәара змоу хырхарҭоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа, Алианс апартниор ҕәҕәа аҳасабала, аглобалтә аҩаӡареи, иара убас, Амшын еиқәа арегионаҿгьы  ашәарҭадара аиқәыршәара апроцессаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароли аконтрибуциеи азгәарҭеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Алианс азы еснагь игәрагоу партниоруп.

Изхәыҧшыз азҵаарақәа иреиун адунеиаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьеи ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи.

Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Аиҧылара рхы аладырхәит: Қырҭтәыла иҟоу НАТО адгыларатә офис анапхгаҩы − Алеқсандр Виникови, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы − Реваз Џьавелиӡеи, НАТО аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак  − Виктор Долиӡеи.