Иракли Ҕарибашвили –  Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит
Иракли Ҕарибашвили –  Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду рыдиныҳәалеит.

«Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду рыдысныҳәалоит!

Ҳаиқәырхаҩ Иира  –  аиашахаҵаратә дунеи азы идуӡӡоу ныҳәоуп, Қырҭтәыла ари аныҳәа ду ҳгәырҕьаҵәа иазгәаҳҭоит. Иаса Қьырса иира  – абзиабареи абзиареи ианыҳәоуп,  ари аныҳәа еснагь ҳаҧылоит агәыҕрақәеи абзиара ақәгәыҕреи ала.  Анасыҧи, агәырҕьареи, апрогресси шәзеиҕьасшьар сҭахуп! ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит!» — иануп аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.