Иракли Ҕарибашвили аилахәыра  TAQA анапхгаҩы диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили аилахәыра  TAQA анапхгаҩы диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы – Иасим Ҳусеин Аҳмед Табет диҧылеит.

Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиун  атәыла аенергетикатә потенциали Қырҭтәылаҿ ари аилахәыра аинвестициақәа рырҭбаара алшареи.

Иасим Ҳусеин Аҳмед Табет Иракли Ҕарибашвили идирдырит аилахәыра аусура ахырхарҭа хадақәеи аҧыжәарақәеи. Аҧыза-министр атәылаҿ еиқәыршәоу иманшәалоу аинвестициатә лагылазаара далацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, зырҿыцра ҟало аенергиа аҿиара Қырҭтәыла аекономикатә политикаҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп.

Хшыҩзышьҭра азуни Қырҭтәыла аиҳабыреи апартниорцәеи активла аус здыруло Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, атәыла аинвестициатә потенциал иаҳа еиҕьны аҭҵаара амзызла, аилахәыра TAQA анапхгаҩы Қырҭтылаҟа дааиҧхьеит.

Аилахәыра TAQA – Иеиду Араҧтәи Емиратқәа адиверсификациатә енергетикатә еилахәыроуп, уи ишьаҭаркын 2005 шықәсазы. Аилахәыра зҵакы дуу ароль нанагӡоит Абу Даби аемирра аекономикатә стратегиа анагӡараҿы. Зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра афымцеи аӡи ахәҭа ду ааглыхра иазкуп, атәылақәа рацәа рҟны активқәа амоуп, урҭ иреиуп: Иеиду Америкатә Штатқәа, Иеиу Аҳра, Канада, Нидерланды, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа, Саудтәи Аравиа аҳра, Оман, уҳәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы. 2023 шықәса актәи азбжазы аилахәыра  3.67 миллиард ахашәала аман.  Қырҭтәылаҿ 100 мегаватт амчхара змоу амратә афымцатә станциа аус азыруа Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аенергетикатә еилахәыра ду  „Масдар“ 43% ахәҭа   аилахәыра TAQA иатәуп.