Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәарҭадареи, аҭынчреи,  аҭышәынтәалареи ҳахьчеит, уи иаҵанакәа рацәоуп, сара атәыла амилаҭтә интересқәеи ажәлари рыхьчара исуалуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәарҭадареи, аҭынчреи,  аҭышәынтәалареи ҳахьчеит, уи иаҵанакәа рацәоуп, сара атәыла амилаҭтә интересқәеи ажәлари рыхьчара исуалуп

Қырҭтәыла имҩаҧгоу аусура  Украинеи Молдовеи ирҿаҳарҧшыр, абарҭ аҩ-тәылак раасҭа ҩынтә-хынтә еиҳаны иҟаҳҵеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили есышықәсатәи Катартәи Аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз апанельтә дискуссиаҿы.

Иракли   Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ақәаҿиарақәа рышьаҭала азнеишьа ҳалацәажәозар, аусуреи абарҭ атәылақәа русушьеи ҳалацәажәозар,  агеографиатә ҭыҧи уажәгьы инагӡо ампыҵахалареи рымшала Қырҭтәыла  аҭагылазаашьа уадаҩуп.

«Еиҭасҳәар сҭахуп, ҳҵакырадгьыл  20% уажәгьы импыҵахалоуп.  Сшәазҵаар сҭахуп, Қырҭтәыла Украинеи аукраин жәлари рыдгыларазы уаҳа  акралшома? Сара уи алацәажәара сҭахымызт. Украинатәи ҳҩызцәа даҽак иазыҧшызар ҟаларын. Дара аргама ирҳәеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт рбар шырҭаху. Ҳара иаҳхаагаз аибашьрақәа ҳазхоит. Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара анеҩс 2 еибашьрак ҳаман,  90-тәи ашықәсқәа рзы атәылауаҩратә еибашьреи  2008 шықәсазы Урыстәылеи ҳареи ҳаибашьреи. 4 миллионҩык мацара  ауааҧсыра ахьыҟоу амилаҭ хәыҷы ишиашо Урыстәыла иаҿагылеит.

Ҳара ашәарҭадареи, аҭынчреи,  аҭышәынтәалареи ҳахьчеит, уи иаҵанакәа рацәоуп, сара атәыла амилаҭтә интересқәеи ажәлари рыхьчара исуалуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.