Иракли Ҕарибашвили америкатә сенаторцәа драцәажәеит Қырҭтәылеи Америкеи рпартниорра абзоурала еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы иҟоу апрогресс иазкны  
Иракли Ҕарибашвили америкатә сенаторцәа драцәажәеит Қырҭтәылеи Америкеи рпартниорра абзоурала еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы иҟоу апрогресс иазкны  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили америкатә сенаторцәа Џьин Шаҳини Ричард Дурбини дырҧылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа излацәажәаз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара иҟоу астратегиатә партниорреи ари апартниорра абзоурала еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы иҟоу апрогресси. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак рпартниорра шьақәгылеит азеиҧш принципқәеи азеиҧш интересқәеи рышьаҭала, Қырҭтәыла Америказы арегионаҿгьы уи анҭыҵгьы  агәрагоу апартниори адгылаҩи ауп, Қырҭтәыла америкатәи ҩ-партиактәи адгылара ҕәҕәа ахә ршьоит. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, европатәи арегиони адунеи рҿы зеиҧшҟамлац ала ауадаҩрақәа анырацәоу  аамҭазы асенаторцәа рвизит аҵакы ҷыда амоуп, Америка ҕәҕәала  Қырҭтәыла ишадгыло  аанарҧашуеит. 

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҿырҧштәалагьы ибзиаӡаны иубарҭоуп  Америка алахәызаареи адгылареи атәыла адемократиатә институтқәа шарҕәҕәо, ахыхьчара алшарақәа реизырҳареи аекономикатә азҳареи ишацхраауа. Аиҧылараҿы ирзааҭгылеит аусеицура иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәа.   

Иара убас, аиҧылараҿы иалацәажәеит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогресс. Ишазгәаҭаз ала, Евроеидгыла абжьагарақәа реиҳара инагӡоуп, азакәанҧҵаратә актқәа рыхәҭак, аихшьаалазы, Венециатәи акомиссиашҟа идәықәҵоуп. Иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгылахь аинтеграциа апроцессаҿы Американтә атәыла иамоу адгылара аҵакы. 

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, иара Аахыҵ Кавказаҿ аиҿцәажәарақәа рҿы абжьагаҩ еиҳабыс Луис Боно иқәыргылара дазыразуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы асенаторцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. 

Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит ашәарҭадара аганахьала арегионаҿгьы адунеиаҿгьы иҟоу аҭагылазаашьеи апроблемақәеи. Иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аҵакы.  

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.