Хҩык асенаторцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа - „Ақырҭуа гәахәтәы“ аиҿцәажәарақәа раанкыларазы ирыдыркылаз аӡбара европатәи аҧеиҧш зҭаху ақырҭуа жәлар рганахьала ачарҳәароуп иаанаго
„Ақырҭуа гәахәтәы“ аиҿцәажәарақәа раанкыларазы ирыдыркылаз аӡбара европатәи аҧеиҧш зҭаху ақырҭуа жәлар рганахьала ачарҳәароуп иаанаго, – иануп Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы, асенатор Бен Кардини, Роџьер Уикериси, Џьон Корнини еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
„Абарҭ ашьаҿақәа жәларбжьаратәи адемократиатә нормақәа еиларгоит, ақырҭуа жәлар рлегитимтә ҽазышәарақәа ирҧырхагоуп. Ҳара аҭынчратә демонстрантцәа рганахьала амчылара ҳақәыӡбоит. Қарҭтәи амҩақәа рҿы алаҕырӡ аазго агази, аӡыршәгақәеи, ауаа раанкылареи ҟамлароуп. Ауаҩы изинқәа реилагареи адемократиатә принципқәа рырҧсыҽреи азы аҭак зыҧхықәу Қырҭтәыла анапхгара рыжәлари жәларбжьаратәи ауаажәларреи рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ргароуп. Ҳара евроатлантикатә интеграциа зҭаху ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит“, – иануп хҩык асенаторцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.