Иракли Чиқовани -  Беларуси ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа  "ацәаҳәа ҟаҧшь" аҟынӡа инеихьеит, иҟало аабап
Иракли Чиқовани -  Беларуси ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа  "ацәаҳәа ҟаҧшь" аҟынӡа инеихьеит, иҟало аабап

«Беларусь ахада  Алеқсандра Лукашенко  импыҵахалоу Аҧсныҟа инеира  — цәгьашақә иҟаҵоу шьаҿуп, уи ҽакала ҳзахәаҧшуам», — иҳәеит апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Иракли Чиқовани.

Чиқовани иҳәамҭала, ари ашьаҿа Қырҭтәылеи Беларуси ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа  ҧхасҭанатәит.

«Ҳаизыҟазаашьақәа  “ацәаҳәа ҟаҧшь” аҟынӡа инеихьеит, иҟало аабап. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы жәларбжьаратәи зин иашьашәалам. Ҳәарада, Қырҭтәыла, иаку аҳәынҭқарра аргыларазы,  аҭынчратә политика амҩаҧгара нанагӡоит», — иҳәеит  Чиқовани.