Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу арежим ахаҭарнакцәа  закәандарала иааныркылаз Иракли Бебуа ихы дақәиҭуп
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу арежим ахаҭарнакцәа  закәандарала иааныркылаз Иракли Бебуа ихы дақәиҭуп

Импыҵахалоу арежим ахаҭарнакцәа  закәандарала иааныркылаз Иракли Бебуа ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«Импыҵахалоу Аҧсны Иракли Бебуа закәандарала жәышықәса аҭакра иқәырҵеит, аха, иара ҧшьышықәсеи фымзи дҭакын.

Иракли Бебуа ихақәиҭтәразы, ақырҭуа аган рнапаҿы иҟаз амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәит.

Қырҭтәыла ацентртә напхгара импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы активла аусура нарыгӡоит», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.