Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым атәылақәа рыла акадрқәа рыдаҧхьалара иазкны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еиуеиҧшым ахаҿқәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа рыҭҵаара ҳаҿуп, аусеилыргара иалагахьеит, аҳәамҭақәа ҟазҵаз ауаа рахь азҵаарақәа ҟалоит
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еиуеиҧшым ахаҿқәа аргама аҳәамақәа ҟарҵеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым атәылақәа рыла акадрқәа рыдаҧхьалара иазкны, арҭ аҳәамҭақәа атерроризм аганахьала ахарадҵарақәагьы рылан, – иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.
Амаҵзураҿы ишырҳәаз ала, арҭ аҳәамҭақәа рыҭҵаара иалагахаьеит.
«Ҳара, ҳахшыҩ азышьҭны арҭ аҳәамҭақәа рыҭҵаара ҳаҿуп. Қырҭтәыла абри аҩыза ахарадҵара ықәзыргылаз ауаа хықәкыс ирымаз еилкаатәуп. Арегионаҿ аибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Насгьы, арҭ аҳәамҭақәа равторцәа уаанӡа ахаангьы азинхьчаратә органқәа ари аинформациа рырымҭацызт.
Аусеилыргара иалагахьеит, аҳәамҭақәа равторцәа рахь азҵаарақәа ҟалоит, дара аконкреттә фактқәа раарҧшра алшара роуеит», – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.