Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҳара Ҭамаз Гинтури ишьра зхароу ауаа зегьы рахьырхәреи  закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра зегьы роужьҭреи ҳаҳәеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҳара Ҭамаз Гинтури ишьра зхароу ауаа зегьы рахьырхәреи  закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра зегьы роужьҭреи ҳаҳәеит

Гори амуниципалитет иаҵанакәа Ергнеҭи ақыҭан имҩаҧган Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм  116-тәи аилатәара.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, иахьатәи аилатәараҿы ирыхәаҧшит ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа импыҵахалоу арегионаҿгьы, иара убас,  ампыҵахалатә цәаҳәа инаваршәны иҟалаз аинцидентқәа зегьы.

«Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылараҿы ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа  урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури ишьра зхароу ауаа зегьы рхьырхәра иаҳәеит. Иара убас, аҳәара иқәдыргылеит  закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра зегьы зыҧшра ҟамҵакәа роужьҭразы.

Убри адагьы, аиҧылара алахәылацәа, аҭыҧантәи ауааҧсыра ргуманитартә ҭахрақәеи урҭ рынагӡара алшареи иалацәажәеит», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.

Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм   аҳәаақәа ирҭагӡаны анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит  2024 шықәса жәабран 13 рзы.