Ергнеҭи Аинцидентқәа рҧыҟәҟәареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган
Ергнеҭи Аинцидентқәа рҧыҟәҟәареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган

Ергнеҭи Аинцидентқәа рҧыҟәҟәареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡе иҳәамҭала, аиҧылараҿы Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала раанкылара афактқәеи азакәандаратә бордеризациеи иалацәажәеит.

Уажәазы де-факто арежим рытҟәараҿы иҟоуп  10ҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аиҧылараҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы аиҟәшаратә цәаҳәа инаваршәны иҟалаз аинцидентқәа ирылацәажәеит.

Иракли  Анҭаӡе иҳәамҭала, импыҵахалоу Цхинвал ахаҭарнакцәа ақырҭуа полициатә пункт Чорчана азҵаара еиҭақәдыргылеит.

Ашәарҭадара азҵаара инаваргыланы, аиҧылараҿы агуманитартә темақәагьы ирылацәажәеит.