Ергнеҭи Аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧысуеит
Ергнеҭи Аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 142-тәи аиҧылара мҩаҧысуеит.
Аиҧылараҿы аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны иҟалаз аинцидентқәеи, азакәандаратә бордеризациеи, атәылауаа раанкылареи иалацәажәоит.
Ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылан быжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Урҭ рҟынтә хҩык иоурышьҭхьеит.
Ашәарҭадара иазку азҵаарақәа инрываргыланы, аиҧылараҿы, агуманитартә зҵаарақәагьы ирыхәаҧшуеит.
«Ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылан быжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Урҭ рҟынтә хҩык иоурышьҭхьеит. Қарелии Гории амуниципалитетқәа ирзааигәаны азакәандаратә усурақәа мҩаҧган. Иаанкылоу ауаа рхақәиҭтәразы жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит», – иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе.