Ергнеҭи аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган
Ергнеҭи аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган

Гори амуниципалитет иаҵанакәа Ергнеҭи ақыҭан аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 129-тәи  аиҧылара мҩаҧган,  уи аҿы ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа ампыҵахалатә цәаҳәа инаваршәны иҟалаз аинцидентқәа ирылацәажәеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Аинформациа ишану ала, ақырҭуа аган Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури ишьра зхароу ауаа аҭакҧхықәра рыдҵара азҵаара еиҭақәдыргылеит.

«Ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаарагьы иқәдыргылеит.

Аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы змаз азҵаарақәа иреиун закәандарала аиҭаҵра аҧкреи азакәандаратә бордеризациеи.

Аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны анеҩстәи аиҧылара мҩаҧгахоит  2026 шықәса жәабран 4 рзы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.