Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Ҭамаз Глурџьиӡе ихы дақәиҭуп
Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Ҭамаз Глурџьиӡе ихы дақәиҭуп

 Жьҭаара 19 рзы Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Глурџьиӡе ихы дақәиҭуп. Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

«Ҳтәылауаҩ закәандарала дшаанкылоу анеилаҳкааҵәҟьа  ацәаҳәа ҷыда аус аҳаруит,   атәыла ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ахархәара роуит. Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи зыҧшра ҟамҵакәа адырра раҳҭеит.

Қырҭтәыла импыҵахалоу араионқәа рҿы иҟало адеструктивтә фактқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп ампыҵахалатә мчы.

Атәыла ацентртә напхгареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи активла аусура нарыгӡоит Цхинвалтәи арегиони Аҧсни закәандаарала иҭаку ауааҧсыра зегьы рхақәиҭтәразы», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәараҭадара амаҵзураҿы.