Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Украинатәи аган рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, мамзар, зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аилаҩынтәра алагара  иазку адезинформациас иҧхьаӡахоит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Украинатәи аган рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, мамзар, зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аилаҩынтәра алагара  иазку адезинформациас иҧхьаӡахоит

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Украинатәи аган рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, мамзар, зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аилаҩынтәра алагара  иазку адезинформациас иҧхьаӡахоит», — иануп  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.

«Украинатәи аҧшыхәара аинформациа аланарҵәеит ақырҭуа амаҵзура ҷыдақәа, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ахархәарала аконтрабандатә тауар амҩангара амзызла  урыстәылатәи амаҵзурақәа рҟны маӡала аимадара рымоушәа.

Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу ауранагӡара ихьанҭаӡоу ашьауҕатә ацәгьауроуп. Ҳара украинатәи аган рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ашаҳаҭгақәа цәырыргарц, мамзар, зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аилаҩынтәра алагара  иазку адезинформациас иҧхьаӡахоит», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.